Кременчуг ахәаахәҭратә центр алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәаҩык рҟынӡа ишьҭыҵит,  40ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит
 Кременчуг ахәаахәҭратә центр алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәаҩык рҟынӡа ишьҭыҵит,  40ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит

 Кременчуг ахәаахәҭратә центр алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәаҩык рҟынӡа ишьҭыҵит,  40ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХ.

Уажәы ахәаахәҭратә центр  «Амстор» аҿы аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Сааҭқәак раҧхьа урыстәылатәи арбџьармчқәа Кременчуг иҟоу ахәаахәҭратә центр аракетақәа рыла иалахысит.  Иҟоу аинформациала, усҟан ахаахәҭратә центр аҿы зқьҩык раҟара ауааҧсыра иҟан.  Ари афакт  дахцәажәеит Украина ахада Владимир Зеленски. Иара ишиҳәаз ала, ахәаахәҭратә центр  астратегиатә ганахьала изакәызаалак ҵакык амам, аха ампыҵахалаҩцәа  аукраин жәлар анормалтә ҧсҭазаара шырҭаху анырбо рзычҳауам.