Кременчуг ахәаахәҭратә центр аракетақәа рыла алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәааҩык рҟынӡа инаӡеит
Кременчуг ахәаахәҭратә центр аракетақәа рыла алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәааҩык рҟынӡа инаӡеит

Украина, Полтаватәи аокруг иаҵанакуа Кременчуг ахәаахәҭратә центр аракетақәа рыла алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара жәааҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Ахәрақәа роуит 59-ҩык, урҭ рҟынтә 25-ҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Ари атәы ааицҳаит Полтаватәи аокруг  арратә администрациа анапхгаҩы Дмитри Линин.

Иацы, рашәара 27 рзы Украина  Кременчугтәи араион аҿы иҟоу ахәаахәҭратә центр аракетақәа рыла иалахысит. Ари афакт  дахцәажәеит Украина ахада Владимир Зеленски. Иара ишиҳәаз ала, ахәаахәҭратә центр  астратегиатә ганахьала изакәызаалак ҵакык амам, аха ампыҵахалаҩцәа  аукраин жәлар анормалтә ҧсҭазаара шырҭаху анырбо рзычҳауам.