„Ковид-19“ авариант ҿыц аларҵәара ашәарҭара амшала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аныҟәаҩцәа ирыбжьанагоит асабарадақәа рныҟәгара еиҭалагарц
„Ковид-19“ авариант ҿыц аларҵәара ашәарҭара амшала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аныҟәаҩцәа ирыбжьанагоит асабарадақәа рныҟәгара еиҭалагарц.
„Роитер“ адыррала, абри абжьагара ҟарҵеит Америка „омикрон” ахкы ҿыц XBB.1.5 ирласны аларҵәара амшала.
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа аныҟәаҩцәа ирыбжьаргоит кыраамҭалатәи аҧыррақәа раан асабрадақәа рыҟәыргаларц. Ари абжьагара нарыгӡалароуп зыӡбахәы ҳәоу авирус аларҵәара ду ахьамоу атәылақәа рахь идәықәло аныҟәаҩцәа.
Иара убас, аиҿкаараҿы ишырҳәаз ала, атәылақәа зегьы, аҭагылазаашьа ҭҵааны, дара рхала ирыӡбароуп аныҟәаҩцәа идәықәлаанӡа атест аҟаҵара рыхәҭоу ирыхәҭаму.
Европа ачымазарақәа рхылаҧшреи апревенциеи ацентр ажьырныҳәа 10 рзы абжьагара ҟанаҵеит Европеи Китаии рыбжьара авиареисқәа рпассаџьырцәа атестирра рзымҩаҧгаразы.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Китаи акоронавирус афактқәа рацәахеит.