Китаи ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз, украинатәи аибашьра анагӡаразы, урыстәылатәи аган абџьар рырҭом
Китаи ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз, украинатәи аибашьра анагӡаразы, урыстәылатәи аган абџьар рырҭом

Украинатәи аибашьра анагӡаразы, урыстәылатәи аган абџьар рырҭом, – ари атәы ЕАШ иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Цзин Ган CBS аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит.

Адипломат иажәақәа рыла, акризис адеескалациазы Пекин алшо зегь ҟанаҵоит.

ЕАШ иҟоу Китаи ацҳаражәәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭала, мраҭашәара аҳәамҭақәа мацара акризис аҭыԥқәҵара рылшом, ари азҵааразы “адипломатиа бзиа” аҭахуп.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы урыстәылатәи аган абџьар аҭара иазкны иларҵәаз аинформациа Пекин имцуп, адезинформациоуп  ҳәа аанацҳаит