Келли Дегнан – Жәларбжьаратәи афорум аҿы Украина адгылара ала Қырҭтәыла агуманитартә ганахьала иҟанаҵаз рацәоуп, атәыла цыҧхьаӡа иара ахала иаӡбароуп зыҟаҵара алшо
Келли Дегнан – Жәларбжьаратәи афорум аҿы Украина адгылара ала Қырҭтәыла агуманитартә ганахьала иҟанаҵаз рацәоуп, атәыла цыҧхьаӡа иара ахала иаӡбароуп зыҟаҵара алшо

«Ҳара Қырҭтәылеи Украинеи еснагь ирыбжьаагоит зҵакы дуу азҵаарақәа аргама акәымкәа, дара рхала ирылацәажәарц», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ   Келли Дегнан  украинатәи аган Украина абџьар аҭара иазкны Қырҭтәылаҟа иҟарҵаз аҳәара данахцәажәоз.

Келли Дегнан ишылҳәаз ала, ҳазынтәгьы аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп, Урыстәыла Украина ахьыҧшымра амхразы аибашьра мҩаҧнагоит.

«Америка ахатә партниоцрәа зегьы ирыҳәеит Украина ацхраара зларылшо рыӡбарц.  Жәларбжьаратәи афорум аҿы Украина адгылара ала Қырҭтәыла агуманитартә ганахьала иҟанаҵаз рацәоуп, атәыла цыҧхьаӡа иара ахала иаӡбароуп зыҟаҵара алшо. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа шымариам зегьы еилыркаауеит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар шәтәыла  20% Урыстәыла ала импыҵахалоуп. Убри аҟынтә, ҳара даҽазнык Қырҭтәылеи Украинеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абарҭ азҵаарақәа дара рхала ирылацәажәарц», — илҳәеит  Келли Дегнан.