Келли Дегнан – Сгәы ишаанаго ала,  Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара акәымкәа,  Урыстәыла Аҧсни Цхинвали рҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагоит ҳәа ираҳәар иаҳа ргәы иаахәон
Келли Дегнан – Сгәы ишаанаго ала,  Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара акәымкәа,  Урыстәыла Аҧсни Цхинвали рҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагоит ҳәа ираҳәар иаҳа ргәы иаахәон

Сгәы ишаанаго ала,  Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара акәымкәа,  Урыстәыла Аҧсни Цхинвали рҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагоит ҳәа ираҳәар иаҳа ргәы иаахәон, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан Сергеи Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз.

Лара ишылҳәаз ала, Москва инхо ақырҭуаа Қырҭтәылаҟа ахынҳәра аганахьала апроблемақәа рымоуп ҳәа лмаҳацт.

«Қырҭтәыла аҭоурых анҭысҵаауаз,  лабҿаба избеит Урыстәыла ахаангьы ахатә ақәыргәыҕрақәа шынанамгӡоз.   Сгәы ишаанаго ала,  Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара акәымкәа,  Урыстәыла Аҧсни Цхинвали рҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагоит ҳәа ираҳәар иаҳа ргәы иаахәон. Москва инхо ақырҭуаа Қырҭтәылаҟа ахынҳәра аганахьала апроблемақәа рымоуп ҳәа смаҳацт. Аха, Урыстәыла атәылауаа рацәа Қырҭтәылаҟа ишаауа ибзиаӡаны иаадыруеит», — илҳәеит Келли Дегнан.

Уажәааны имҩаҧгаз  апресс-конференциаҿы «Альт-Инфо» ажурналист Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Қырҭтәыла иазкны диазҵааит. Лавров ишиҳәаз ала, хара имгакәа Урыстәыла Қырҭтәылаҟны ишиашо авиааимадара еиҭашьақәнаргылап ҳәа дгәыҕуеит.