Келли Дегнан – Америка ирзыҳәом Путин идикылаз аӡбара акандидат астатус аиуразы ныррас иаиуа, аха, зҵаарак цәырҵуеит, Путин абри зегьы уажәы изыҟаиҵои   
Келли Дегнан – Америка ирзыҳәом Путин идикылаз аӡбара акандидат астатус аиуразы ныррас иаиуа, аха, зҵаарак цәырҵуеит, Путин абри зегьы уажәы изыҟаиҵои   

«Америка ирзыҳәом Путин идикылаз аӡбара Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы ныррас иаиуа, аха, зҵаарак цәырҵуеит, Путин абри зегьы уажәы изыҟаиҵои, агәра ганҟы сыҟоуп иара ақырҭуа пассаџьырцәа ркомфорт  хьаас ишимам», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америк ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан.

Дегнан лажәақәа рыла,  Владимир Путин аиҷаҳара ааирҧшыр иҭахызҭгьы, Аҧсни Цхинвали рҟынтә аурыс арбџьармчқәа алигон.

«Ҳара ибзиаӡаны иаабеит Путин атәылаҿ аурысцәа рыҟазаара ихы ишаирхәо. Ақырҭуаа рацәа цыҧх абри аҟара Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара иаргәамҵуеит ҳәа сгәы иаанагоит.  Урыстәыла Атуризм агентра аҟынтә ишҳаҳауа ала, ишиашо ареисқәа аадыртыр, иҵегьы миллионҩык иааир рылшоит.   Агәра ганы сыҟоуп Путин  ақырҭуа пассаџьырцәа ркомфорт  хьаас ишимам.  Аиҷаҳара ааирҧшыр иҭахызҭгьы, Аҧсни Цхинвали рҟынтә аурыс арбџьармчқәа алигон.  Ақырҭуаа абри аҩыза ашьаҿа иҳаракны ахә ршьон. Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп  2008 шықәсазы ари атәыла Қырҭтәыла ишажәылаз.  1989 шықәсазы Қырҭтәыла ахьыҧшымра рхәаҽыр рҭахын.  1978 шықәсазы ақырҭуа бызшәа аҧыхра рҽазыркит. Ари атәыла, 15 шықәса раҧхьа Қырҭтәыла ишажәылаз  еиҧшҵәҟьа, уажәы Украина иажәылоит. Ашьаарҵәыратә режим рҟынтә абри аҩыза ашьаҿа уамашәа иубаратәы иҟоуп», — илҳәеит  Дегнан.