Келли Дегнан -  Америка асанкциақәа рышьақәыргылара апроцесс заанаҵы иахәаҧшуам, асанкциақәа шьақәдыргылар, ари аинформациа  афинансқәа рминистрра авеб-саит ианылоит
Келли Дегнан -  Америка асанкциақәа рышьақәыргылара апроцесс заанаҵы иахәаҧшуам, асанкциақәа шьақәдыргылар, ари аинформациа  афинансқәа рминистрра авеб-саит ианылоит

«Америка асанкциақәа рышьақәыргылара апроцесс заанаҵы иахәаҧшуам, асанкциақәа шьақәдыргылар, ари аинформациа  афинансқәа рминистрра авеб-саит ианылоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ажурналистцәа  Келли Дегнан илазҵааит  Гарри Каспарови  Маиклом Макфолли  The Washington Post аҿы иркьыҧхьыз астатиа иазкны, уаҟа ишану ала, Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәдыргылар ҟалап.

«Сара астатиа самыҧхьацт. Убри аҟынтә, уи сзахцәажәом. Ишысҳәахьаз еиҧш,  Америка асанкциақәа рышьақәыргылара апроцесс заанаҵы иахәаҧшуам. Асанкциақәа анышьақәдыргыло, ишьақәдыргылар, ари аинформациа афинансқәа рминистрра авеб-саит ианылоит. Ҳара абас ауп асанкциақәа ҳашрызныҟәо.  Асанкциақәа аҵакы ду рымоуп, аха, аганқәа зегьы асанкциақәа ирықәныҟәалароуп. Абри ауп асанкциақәа ҵакыс ирымоу», — илҳәеит  Келли Дегнан.