Каха Куҷава – Ажурналистцәа апарламент ашҟа инармышьҭоушәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Каха Куҷава – Ажурналистцәа апарламент ашҟа инармышьҭоушәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

Ажурналистцәа апарламент ашҟа инармышьҭоушәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, 100ҩык раҟара ажурналистцәа анашьҭыгақәа роуит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи изаамҭаным аилатәара хықәкыс иамоуп ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы иҟоу азҵаарақәа зегьы  аҭак рыҭара. Каха Куҷава ишазгәеиҭаз ала, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури изыӡырҩра апроцесс ҧырхагак амамкәа имҩаҧысроуп.