Каха Калаӡе 51 ҭаацәара ахатәра аршаҳаҭгақәа риҭеит
Каха Калаӡе 51 ҭаацәара ахатәра аршаҳаҭгақәа риҭеит

Қарҭ ахада иинициативала, ауааҧсыра рзы анхарҭақәа рзакәантәра апроцесс инагӡоит.

Қарҭ ахадара адыррала, иахьа Каха Калаӡе  Глдании, Дидубеи, Наӡаладевии араионқәа ирықәынхо 51 ҭаацәарақәа ахатәра азин аршаҳаҭгақәа риҭеит.

Кыршықәса рыҩнуҵҟа анхарҭақәа рпроблема змаз ауааҧсыра абарҭ анхарҭақәа  роуит асимволтә ахә ала, 1 лари ҳәа.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, анхарҭа аганахьала апроблемақәа змоу ауааҧсыра араионтә администрациа иадҵаалароуп, уаҟа адокументқәа реиқәыршәараҿы ирыцхраауеит.