Карл Харцель -  Қырҭтәыла, аконсультациақәа мҩаҧымгакәа, европатәи астандартқәа рашьашәалазааразы анализ ҟамҵакәа, ирласу арежим аҿы азакәанҧҵарашҟа крызҵазкәа аҧсахрақәа алагалара нарыгӡоит
Карл Харцель -  Қырҭтәыла, аконсультациақәа мҩаҧымгакәа, европатәи астандартқәа рашьашәалазааразы анализ ҟамҵакәа, ирласу арежим аҿы азакәанҧҵарашҟа крызҵазкәа аҧсахрақәа алагалара нарыгӡоит

«Қырҭтәыла, аконсультациақәа мҩаҧымгакәа, европатәи астандартқәа рашьашәалазааразы анализ ҟамҵакәа, ирласу арежим аҿы азакәанҧҵарашҟа крызҵазкәа аҧсахрақәа алагалара нарыгӡоит», — иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Карл Харцель.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аланарҵәеит ашьауҕа-процессуалтә закәанеидгыла иалагалоу аҧсахрақәа ирыдҳәаланы Карл Ҳарцель иҟаиҵаз аҳәамҭа.

«Иацы Қырҭтәыла апарламент ашьауҕа-процессуалтә закәанеидкылашҟа аҧсахрақәа рыдыркылеит, урҭ инрықәыршәаны,   иаҳа ирацәаны азинеилагарақәа рзы маӡала аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҟалоит.

Ашәарҭадара аганахаьала арҭ аҧсахрақәа азакәантә мчы рымазар ауеит, аха, урҭ  Қырҭтәыла атәылауаа рхатә ҧсҭазаара  аламкьысреи хазхаҭаалатәи адыррақәа рыхьчареи  иаҧырхагахар ауеит, ҳара уи даараӡа ҳаргәамҵуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧсахрақәа рыдыркылаанӡа, Евроеидгыла   Қырҭтәыла апарламент  ахатә гәаанагара азаарҧшны,  азакәанпроект  европатәи астандартқәа иахьынӡарышьашәалоу аилкааразы Венециатәи акомиссиашҟа идәықәырҵарц рыбжьаргеит. Аха,  рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла апарламент, аконсультациақәа мҩаҧымгакәа, азакәанпроект рыдыркыларц рыӡбеит.

Ҳара иаабоит Қырҭтәыла, аконсультациақәа мҩаҧымгакәа, европатәи астандартқәа рашьашәалазааразы анализ ҟамҵакәа, ирласу арежим аҿы азакәанҧҵарашҟа крызҵазкәа аҧсахрақәа алагалара  шынанагӡо.

Иара убас, аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит адипломатиатә уаажәларра аинформациа рызцәырыргарц  2021 шықәса цәыббразы атәыла ауааҧсыреи атәымтәылауааи рыцклаҧшра афактқәа ирыдҳәаланы  имҩаҧыргараны иҟаз аусеилыргара иазкны», — иануп  Карла Харцель иҳәамҭаҿы.