Карл Ҳарцель  Евроеидгыла ала Қырҭтәыла адгылареи акоронавирус аҿагылареи иазкны
Карл Ҳарцель  Евроеидгыла ала Қырҭтәыла адгылареи акоронавирус аҿагылареи иазкны

Карл Ҳарцель  Евроеидгыла ала Қырҭтәыла адгылареи акоронавирус аҿагылареи иазкны

 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель апандемиа аҿагылара амзызла Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭыз ацхыраара далацәажәеит.

«Апандемиа ианалагаҵәҟьа Евроеидгыла Қырҭтәыла иазоунашьҭит  1,5 миллиард лари. Абри аҧара аҟынтә  2/3 атәыла аиуит агрант асахьала, егьи ахәҭа  —  азинҷыдатә кредиа ҳасабала. Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп ауаа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны иуҳәозар, адунеи аҿы тәылакгьы абри аҩыза ацхыраара амоуит.  Ари ацхыраарагьы лабҿаба иаанарҧшуеит Евроеидгыла Қырҭтәыла ишадгыло.

Зыӡбахәы ҳәоу ацхыраара ахархәара амазаауеит 4 хырыхарҭак рыла  —  аҧара аиҳара акоронавирус акризис алҵраҿы аиҳабыра рыцхраара иазкуп, антикризистә економикатә план анагӡарагьы уахь иналаҵаны. Абри ахықәкы анагӡаразы ҳара Қырҭтәыла  100 миллион евро азоуҳашьҭхьеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.

Иара иажәақәа рыла,  иара убас, Евроеидгыла ацхыраара Қырҭтәыла агәабзиарахьчаратә система арҕәҕәарагьы иазкуп. Лымкаала, аамедицинатә аибыҭара аахәареи амедицинатә персонал разыҟаҵареи.

«Иара убас, ҳара аекономикатә ҭышәынтәалареи аекономика аиҭашьақәыргылареи  ҳацхраар ҳҭахуп. Ҳара акредитқәа раиура армариаразы  250 миллион лари иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп, иара убас, ақыҭанхамҩеи, атуризми, азанааҭтә аҵареи аҧара алаҳҵоит», — иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ.