Џьуаншер Бурҷулаӡе  Украина ахыхьчара иазкны Рамштаин абазаҿ имҩаҧысуа аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәып
Џьуаншер Бурҷулаӡе  Украина ахыхьчара иазкны Рамштаин абазаҿ имҩаҧысуа аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәып

Џьуаншер Бурҷулаӡе  Украина ахыхьчара иазкны Рамштаин абазаҿ имҩаҧысуа аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәып. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

«Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе  Украина ахыхьчара иазкны Рамштаин абазаҿ имҩаҧысуа аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәып.  Германтәыла иҟоу америкатә база Рамштаин аҿы аилатәара мҩаҧыргоит Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остини Аштабқәа рнапхгаҩцәа еиду акомитет  анапхгаҩы аинрал  Марк Милли. Раимштаин аформатаҿ имҩаҧысуа аиҧылараан иалацәажәоит Украина имҩаҧысуа урыстәылатәи агрессиа иахылҵыз аҭагылазаашьеи,  атәыла аҭахрақәеи, Америка апартниорцәа ирызцәырҵыз ашәарҭарақәеи. Аимадаратә гәыҧ Украина иадгылоит, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбоит», — иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.