Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Иорданиа Аҳра даҭааит
Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Иорданиа Аҳра даҭааит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Иорданиа Аҳра даҭааит.

Атәылахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы диҧылеит Иорданиа Аҳратә арбџьармчқәа аштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Иусеф аль-Ҳунеити.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа русеицура иалацәажәан, наҟ-наҟтәи апланқәа ҳәаақәырҵеит.

Қырҭәыла Атәылахьчара аминистрреи Иорданиа Аҳра атәылахьчара аминистрреи аусеицура амеморандум рыбжьоуп.

Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Иорданиагьы ахыхьчареи ашәарҭадареи аиҭашьақәыргыларазы НАТО ирҭбаау апотенциал атәыла-партниорцәа иреиуп, убри аҟынтә, аганқәа рхаҭарнакцәа, НАТО аҟны аусеицура ахадаратә апектқәагьы ирылацәажәеит.