Џьуаншер Бурҷулаӡе, атәылахьчара х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега диҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе, атәылахьчара х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, азербаиџьантәи иколлега диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе визитла Азербаиџьан дыҟоуп.

Џьуаншер Бурҷулаӡе  атәылахьчара х-ганктәи аминистериал  Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла ихы алаирхәоит.

Аминистрра адырра ишану ала, аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Закир Гасанов диҧылеит.

«Аминистрцәа  2024 шықәсазы Азербаиџьани Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи русеицура аплан рнапы аҵарҩит.  Джуаншер Бурчуладзе азербаиџьантәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит х-ганктәи аминистериал аиҿкааразы. Иара ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа рыбжьара апатуеиқәҵареи агәреибагареи аҵакы ду амоуп арегион ашәарҭадара аиқәыршәаразы», — иануп аминистрра аинформациаҿы.

Атәылахьчара аминистрра адырраҿы ишазгәаҭоу ала, ҳаҧхьаҟа, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылара Қырҭтәыла имҩаҧысуеит.