Џьуаншер Бурҷулаӡе Мраҭашәаратә напхгараҿы аинфраструктуратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Мраҭашәаратә напхгараҿы аинфраструктуратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе арратә базақәа рҿы аинфраструктуратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, Џьуаншер Бурҷулаӡе, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-маиор Гьаргь Матиашвилии аусбарҭа анапхгаҩцәеи дрыцны, Хони иҟоу 6-тәи артиллериатә бригадаҿ уажәааны аханатә идырҽеиз аказармақәа ибеит.

Атәылахьчара аминистр уааҵәҟьа имҩаҧысуа аинфраструктуратә усурақәа гәеиҭеит.

«Арратә маҵзуҩцәа иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәареи аинфраструктура арҿыцреи аминистрразы аҧыжәара змоу аҳасабтәқәа иреиуп. Сынтәа Атәылахьчаратә мчқәа арратә базақәа рҿы   20 обиектқәа рыргылара иаҿуп,  50 инареиҳаны аобиектқәа аханатә идырҽеиуеит.  2024 шықәсазы абарҭ аусурақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп  100 миллион лари», —  ирҳәеит Атәылахьчара аминистрраҿы.