Џьуаншер Бурҷулаӡе  Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа атәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи аиҧылара ихы алаирхәоит
Џьуаншер Бурҷулаӡе  Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа атәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи аиҧылара ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷулаӡе  Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи атәылахьчара аминистрцәа  реиҧылара ихы алаирхәоит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррала, х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Џьуаншер Бурҷулаӡе, Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр  Хулуси Акари Азербаиџьан атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник  Закир Гасанови дырҧылоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи х-ганктәи аформатаҿ аусеицура апланқәеи аперспективақәеи ирылацәажәоит. Сынтәа Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи атәылахьчара аминистрцәа  реиҧылара  мҩаҧысуеит  Каисери ақалақьаҿ.