Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО аинралцәа дырҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО аинралцәа дырҧылеит

Иахьа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО аинралцәа дырҧылеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  НАТО Адгьылтә бџьармчқәа рҧыза ихаҭыҧуаҩ, аинрал-леитенант Никола Дзанелии  НАТО Жәларбжьаратәи арратә усеицуразы аусбарҭа адиректор  аинрал-маиор  Франческо Диелеи рҟны аиҧылараан ахадаратә ҵакы аман НАТО – Қырҭтәылатәи аусеицураҿы апрактикатә механизмқәеи, Амшын еиқәа иадҳәалоу астратегиатә диалоги, арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи.   Џьуаншер Бурҷулаӡе ишиҳәаз ала, ауадаҩрақәа шыҟоугьы, Қырҭтәыла, апартниорцәа рыцхыраарала, ахыхьчаратә реформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит.