Џьуаншер Бурҷулаӡе апринц Гарри диацәажәеит ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла атурнир  «Зиааира ҟамло рыхәмаррақәа» амҩаҧгара алшаразы
Џьуаншер Бурҷулаӡе апринц Гарри диацәажәеит ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла атурнир  «Зиааира ҟамло рыхәмаррақәа» амҩаҧгара алшаразы

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ахәрақәа зауз аруаа ркоманда Гаага имҩаҧысуа  «Зиааира ҟамло рыхәмаррақәа» қәҿиарала ирылахәып. Ақырҭуа аруаа иакымкәа амедальқәа роухьеит.

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр, ақырҭуа аруаа дрыдгыларц азыҳәан, Гаагаҟа днеит. Ахәмаррақәа инрываргыланы, Џьуаншер Бурҷулаӡе, агерцог  Сассекстәи, Британиа Ду апринц Гарри диҧыланы, ҳаҧхьаҟа ари атурнир Қырҭтәыла амҩаҧгара алшаразы дицәажәеит.

Агерцог Гарри Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра акоманда алахәылацәа драцәажәеит зыӡбахәы ҳәоу ахәмаррақәа дара реиҭашьақәыргылара апроцесс азы иамоу анырра иазкны.

Атурнир  «Зиааира ҟамло рыхәмаррақәа» еиуеиҧшым атәылақәа рҿы имҩаҧысуеит   2014 шықәса инаркны.