Џьуаншер  Бурҷулаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Бонни Џьенкинс дылҧылеит
Џьуаншер  Бурҷулаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Бонни Џьенкинс дылҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер  Бурҷулаӡе бџьарла аибыҭара ахылаҧшреи жәларбжьаратәи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Бонни Џьенкинс дылҧылеит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, Џьуаншер  Бурҷулаӡе америкатә аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит ҩажәеижәабашықәсатәи ацхыраареи атәылахьчаратә мчқәа рырҿиара апроцесс аҿы алагала дуи азыҳәан, иара ишазгәеиҭаз ала, ҩ-тәылак рпартниорра ҕәҕәа  азеиҧш принципқәа рыхьчареи ашәарҭадара иазку азеиҧш интересқәеи рзы аҵакы ду амоуп.

«Аиҧылараҿы Атәылахьчаратә мчқәа рҿы имҩаҧгоу ареформақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа  Америкеи Қырҭтәылеи рнапы зҵарҩыз аинициатива ҿыц  «Ахыхьчара арҕәҕәареи аанкылареи иазку ақырҭуа инициатива» (GDDEI) иазааҭгылеит,», — иануп аусбарҭа аинформациаҿы.

Бџьарла аибыҭара ахылаҧшреи жәларбжьаратәи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Бонни Џьенкинс  хымштәи авизитла Қырҭтәыла даҭааит, лара аҳәынҭқарратә чинҳаракҩцәеи аполитикатә лидерцәеи рҟны аиҧыларақәа мҩаҧылгоит.