Џьозеф Боррель Тоиво Клаар Узбекистанаҿ  ацҳаражәҳәаҩс дықәиргылеит
Џьозеф Боррель Тоиво Клаар Узбекистанаҿ  ацҳаражәҳәаҩс дықәиргылеит

Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррель Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар Узбекистанаҿ ацҳаражәҳәаҩс дықәиргылеит.

Тоивл Клаар Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыдас дыҟан 2017 шықәса жьҭаара инаркны.

2013 шықәса цәыббра инаркны 2014 шықәса ҧхынҷкәынынӡа Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩыс дыҟан.