Тоиво Клаар Кавкази Қырҭтәылеи акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда имандат аҿҳәара шықәсык ала изацырҵеит
Тоиво Клаар Кавкази Қырҭтәылеи акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда имандат аҿҳәара шықәсык ала изацырҵеит

Тоиво Клаар Кавкази акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда имандат аҿҳәара шықәсык ала, 2024 шықәса нанҳәа 31-нӡа изацырҵеит.

Евроеидгыла аланарҵәаз апрессрелиз аҿы ишану ала, Клаар Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи аимакқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакс дықәдыргылеит 2017 шықәса абҵара 13 рзы, уи Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда иаҳасаб ала, арегион аҿы аимак ҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи, арегионалтә усеицуреи рхырхарҭала аус иуеит.