Тоиво Клаар - Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат шыхьчатә зегьы ибзианы еилыркаауеит, уи ахьчареи аҿиареи аус адаҳулароуп
Тоиво Клаар - Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат шыхьчатә зегьы ибзианы еилыркаауеит, уи ахьчареи аҿиареи аус адаҳулароуп

Аахыҵ Кавказ аҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда, Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы Тоиво Клаар ишазгәеиҭаз ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат аҵак ҷыда амоуп.

«Ари араунд ахьҳамоу, ихадароуп. Алахәылацәа зегь ырҟны адискуссиа ахьҳамаз даара сгәы иаахәеит. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат шыхьчатә зегьы ибзианы еилыркаауеит, уи ахьчареи аҿиареи аус адаҳулароуп. Уаҵәы иҟало аӡәгьы издырӡом, аха женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат аҵак ду шамоу зегьы ибзиаӡаны еилыркаауеит. Ақәҿиарақәа аус рыдаҳулароуп», — иҳәеит Клаар.