Џьозеф Боррель иҳәамҭала, Китаи ахьыҧшызаара армаҷразы, Евроеидгыла Китаи аҟны ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа абаланс рзура ақәшәоит
Џьозеф Боррель иҳәамҭала, Китаи ахьыҧшызаара армаҷразы, Евроеидгыла Китаи аҟны ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа абаланс рзура ақәшәоит

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарқәеи рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар   Џьозеф Боррель иҳәамҭала, Китаи ахьыҧшызаара армаҷразы, Евроеидгыла Китаи аҟны ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа абаланс рзура ақәшәоит.  Боррель ишазгәеиҭаз ала, ҵыҧх Китаи аҟны ахәаахәҭратә дефицит „иџьоушьаратәы иҟан“ – 291 миллиард евро иаҟаран,   уи Евроеидгыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә  1.7%-уп.

Боррель иҳәамҭала, иҳаҩсыз амзазы Китаи аиҳабыра заанаҵы аарыцҳаит  зтехнологиа ҳараку ааглыхра аинвестициа ду алаҵара аганахьа аплан дуқәа шрымоу. Иара иажәақәа рыла уи иаанагоит Евроеидгыла атехникатә индустриа  иаҳа иџьбароу аконкуренциа ахысра ақәшәоит ҳәа.

„Ҳиндустриа аламысдаратә конкуренциа аҟынтәи хымҧада иҳахьчароуп. Ҳара уи аҟаҵара ҳалагахьеит“, –  иҳәеит Боррель.