Џьозеф Боррель  - Қырҭтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи европатәи ашәарҭадара ахьчареи азыҳәан ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи аидгылареи наҳагӡоит
Џьозеф Боррель  - Қырҭтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи европатәи ашәарҭадара ахьчареи азыҳәан ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи аидгылареи наҳагӡоит

 

Еврокомиссиа авице-ахада, адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Џьозеф Боррель Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҧылара дахцәажәеит асоциалтә аҳа  „Твиттер“ аҿы.

Џьозеф Боррель  ишазгәеиҭаз ала, аиҧылараҿы иалацәажәеит  Қырҭтәыла имҩаҧысуа ареформақәа русхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу аҳасабтәқәа рынагӡареи Евроеидгыла алалара апроцессаҿ апрогресс ахымҧадареи.

„Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии  сареи аиҧылара бзиа ҳаман.

Ҳара Қырҭтәыла имҩаҧысуа ареформақәа русхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу аҳасабтәқәа рынагӡареи Евроеидгыла алалара апроцессаҿ апрогресс ахымҧадареи ҳалацәажәеит.

Қырҭтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи европатәи ашәарҭадара ахьчареи азыҳәан ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи аидгылареи наҳагӡоит“, – азгәеиҭеит Џьозеф Боррель

Иракли Ҕарибашвили  Џьозеф Боррель  диҧылеит Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.