Џьозеф Боррель  - Қырҭтәыла свизит евроинтеграциа апроцесс арлахҿыхра иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит, ари азҵаара оптимизмла сахәаҧшуеит, аха, Еврокомиссиа ахәшьара зеиҧшрахо сызшәаҳәом
Џьозеф Боррель  - Қырҭтәыла свизит евроинтеграциа апроцесс арлахҿыхра иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит, ари азҵаара оптимизмла сахәаҧшуеит, аха, Еврокомиссиа ахәшьара зеиҧшрахо сызшәаҳәом

Ҳара Еврокомиссиа ахәшьара ҳазыҧшыроуп, Евроеидгыла алидерцәа заанаҵы ирыздырӡом акомиссиа алахәылацәа ирҳәо, – иҳәеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррель   Европатәи аполитикатә аидҵара асаммит иалагаанӡа.

Боррель ишиҳәаз ала, иара ари азҵаара оптимизмла дахәаҧшуеит.

„Ишыжәдыруа еиҧш, уажәааны сара Қырҭтәыла сыҟан. Свизит евроинтеграциа апроцесс арлахҿыхра иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари азҵаара оптимизмла сахәаҧшуеит, аха, Еврокомиссиа ахәшьара зеиҧшрахо сызшәаҳәом“, – иҳәеит Боррель.