Џьон  Пеннелл - USAID, атәыла хырҳагара азаазгаша алшарақәа рыҧшааразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи хазхаҭалатәи асектори аус рыцура иазҿлымҳауп
Џьон  Пеннелл - USAID, атәыла хырҳагара азаазгаша алшарақәа рыҧшааразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи хазхаҭалатәи асектори аус рыцура иазҿлымҳауп

 

«USAID,  аинклиузивтә азҳара аизырҳара, зхашәала дуу аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара уҳәа, атәыла хырҳагара азаазгаша алшарақәа рыҧшааразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи хазхаҭалатәи асектори аус рыцура иазҿлымҳауп», —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу USAID амиссиа анапхгаҩы  Џьон  Пеннелл  Қарҭ,  асасааирҭа  «Шератон Гранд Метехи Палас» аҿы,   имҩаҧысуаз афорум  – «Адиагональтә акумулиациа  Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Евроеидгылеи рыбжьара  — ахәаахәҭратәи аинвестициатәи алшарақәа» аҿы данықәгылоз.

USAID ахаҭарнак ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи афорум ишиашо атәым инвестициақәа реизырҳареи ахәаахәҭра арҭбаареи азыҳәан ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵоит.

«Иахьа абра сахьыҟоу сеигәырҕьоит. USAID, атәыла хырҳагара азаазгаша алшарақәа рыҧшааразы, Қырҭтәыла аиҳабыреи хазхаҭалатәи асектори аус рыцура иазҿлымҳауп. Агәылара иҟоу атәылақәа рҿгьы, иаҳҳәап, Ҭырқәтәыла, абри аҩызаҵәҟьа алшарақәа рыҧшаара ҟалоит. Ҳара америкатә еилахәырақәа мацара ракәымкәа, егьырҭ апартниорцәагьы аус рыцаауеит.    Уи абзоурала, Қырҭтәыла, Евроеидгылаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра аҟынтә ахырҳагара ду аиуреи, иара убас, Евроеидгылашҟа аекспорт азы аалыҵ аҟаҵаразы ҭырқәтәылатәи аимпорт ахархәареи алшоит.  Абри зегьы ақырҭуаа аусуратә ҭыҧқәа рнаҭоит, асекторқәа рацәа рконкуренциалшара азҳауеит. USAID-и, Қырҭтәыла аиҳабыреи, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала имҩаҧысуа абри афорум ишиашо атәым инвестициақәа реизырҳареи ахәаахәҭра арҭбаареи азыҳәан ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵоит», — иҳәеит  Пеннелл.