Иракли Кобахиӡе - ЕАШ ацҳаражәҳәара аҳәамҭа ауаҩы ииҳәо ииуа дақәымшәо дҟанаҵоит, ауаажәлар раҳаҭыр ланарҟәоит
Иракли Кобахиӡе - ЕАШ ацҳаражәҳәара аҳәамҭа ауаҩы ииҳәо ииуа дақәымшәо дҟанаҵоит, ауаажәлар раҳаҭыр ланарҟәоит

Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ЕАШ ацҳаражәҳәра Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа иаҭакны иҟанаҵах аҳәамҭа ауаажәлар раҳаҭыр ланарҟәоит ҳәа иԥхьаӡоит.

„Ари атема иазкыз ацҳаражәаҳәара аҳәамҭа иацы саԥхьеит. ЕАШ ацҳаражәҳәара аҳәамҭа ауаҩы ииҳәо ииуа дақәымшәо дҟанаҵоит, ауаажәла раҳаҭыр ланарҟәоит. Ареволиуциа амҩаԥгара хықәксс змоу апроцесс аҟынтә ахыԥхьакра ацынхәрас, даҽакы иаабеит. Ари ҳаргәамҵеит. Ақырҭуа уаажәлар атәылаҿ ареволиуциа акәым, аҭынчра аҭахуп“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Иацы, цәыббра 2 рзы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҿкаара “Канваси” ахаарнакцәа  2023 шықәса цәыббра 26-29 рзы қарҭ, асасааирҭа “Ибиси” аҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи атәылауаҩратә активистцәеи атренинг рзымҩаԥыргеит. Амаҵзура аинформациа ала, USAID аԥарала аиҿкаара “Канвасис-Қырҭтәыла”  мҩаԥнагаз атренинг хықәкыс аман акультуратә хырхарҭаҿ аус зуа аԥхьагылара змоу агәыԥқәа  “, аҿари авторитет змоу иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәеи рҟны аимадара абжьаҵареи атренингқәа рымҩаԥгареи. Арҭ агәыԥқәа жьҭаара-ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла адеструктивтә уснагӡатәқәа инапхгара зрзырур акәын.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ацҳаражәҳәара ари иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҿ ишану ала, «Адгыларатә ҵакы  змоу ҳпроектқәа руакы иахьа иазықәдыргылаз ахарадҵара ииашам,  ари адгылара апроцесс  аартуп, аиҳабыра проблемак рымазар, уи алацәажәара ҳазыхиоуп. Аагәаанагара аарҧшра ахақәиҭра иарбанызаалак адемократиеи аҩ-тәылак рхадаратә принципқәеи рышьаҭоуп. Ҳара, шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа ҳармыхәаҧшкәа, Қырҭтәыла Аконституциала иҳәаақәҵоу азинқәа рыхьчараҿы ауаа ирыцхраауа ақырҭуа аиҿкаарақәа рыдгылара наҳагӡоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.