Қырҭтәыла иҟоу USAID амиссиа анапхгаҩы – “Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан рыдыркылар, Евроеидгыла ахырхарҭала ҧхьаҟацара иаҿу Қырҭтәыла азарал аиуеит

13:58, 25.04.2024

«Америка аиҳабырагьы Евроеидгылагьы аргама ирҳәеит  ақырҭуаа ари азакәан рыдыркылар Евроеидгыла ахырхарҭала ҧхьаҟацара иаҿу Қырҭтәыла азарал шаиуа», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу   USAID амиссиа анапхгаҩы Џьон  Пеннелл.

«Қырҭтәыла Евроеидгыла амҩа ианыҵыр ауеит. Ҳәарада, уи АИХқәагьы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы ирныҧшуеит, ари азакәан рыдрымкылароуп. Ҳәарада,  USAID наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иадгылоит. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыреи, хазхаҭалатәи асектори, еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи  аус рыцура наҳагӡоит, ҳара еснагь Қырҭтәыла ҳадгылазаауеит», — иҳәеит  Пеннелл.

 

Еиԥшу