Џьо Уилсон - Асуверинитет иузыҭиуам, зхы иақәиҭу ажәлар ргәазыҳәара аиааира агоит, Америка Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари ирыдгылоит
Асуверинитет иузыҭиуам, зхы иақәиҭу ажәлар ргәазыҳәара аиааира агоит, – иҩит Ҳелсинктәи акомиссиа ахантәаҩы, ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен, „Аиҩызаратә акт“ автор Џьо Уилсон асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Америка Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари ирыдгылоит.
„Америка Саломе Зурабишвилии зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәо, Китаии Ирани арежимқәа рмарионеттә инсталиациа иаҿагыло ақырҭуа жәлари ирыдгылоит. Асуверинитет иузыҭиуам, зхы иақәиҭу ажәлар ргәазыҳәара аиааира агоит“, – иҩит Уилсон.