Џьо Баиден Тель-Авивҟа ддәықәлеит
Џьо Баиден Тель-Авивҟа ддәықәлеит

Америка ахада Џьо Баиден Тель-Авивҟа ддәықәлеит. Амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Америка ахада, египеттәи палестинатәи алидерцәа дрыцны, Иорданиа имҩаҧысраны иҟаз асаммит ихы алаирхәыр акәын, аха, Ҕаза агәҭаны ахәышәтәырҭа аҧжәара амшала, Иорданиа аҳ ари асаммит аҧихит. Убри аҟынтә, Баиден Тель-Авивҟа мацара днеиуеит.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ишиҳәаз ала, Израильҟа авизитаан Баиден  „аибашьра ахықәкқәеи астратегиеи иазкны аинформациа наӡа иоуеит“.