Џьо Баиден  - Америка Украина аҵакырадгьыл аннексиа иазку Урыстәыла ахәымгаратә аҽазкра иақәыӡбоит, Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагоит, ЕАР аҧҟанҵа иатәарбом, аҭынчратә милаҭқәа рцәымҕуп
Џьо Баиден  - Америка Украина аҵакырадгьыл аннексиа иазку Урыстәыла ахәымгаратә аҽазкра иақәыӡбоит, Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагоит, ЕАР аҧҟанҵа иатәарбом, аҭынчратә милаҭқәа рцәымҕуп

«Америка наҟ-наҟгьы Украина иадгылоит  ахатә ҵакырадгьылқәа рзы ахылаҧшра ашьақәыргылараҿы, ҳара арратәи адипломатиатәи мҩала Украина ҳацхраауеит», — иануп Аҩны шкәакәа иаланарҵәаз Америка ахада Џьо Баиден иҳәамҭаҿы.

«Америка Украина аҵакырадгьыл аннексиа иазку Урыстәыла ахәымгаратә аҽазкра иақәыӡбоит, Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагоит, ЕАР аҧҟанҵа иатәарбом, аҭынчратә милаҭқәа рцәымҕуп. Шәымҩашьааит: абарҭ ахҭысқәа изакәызаалак азакәанра рымам. Америка жәларбжьаратәи азхаҵара змоу Украина аҳәаақәа пату рықәырҵоит.   Америка наҟ-наҟгьы Украина иадгылоит  ахатә ҵакырадгьылқәа рзы ахылаҧшра ашьақәыргылараҿы, ҳара арратәи адипломатиатәи мҩала Украина ҳацхраауеит, », — иануп аҳәамҭаҿы.

Баиден иҳәамҭала,  иахьа Урыстәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа ҧаршеиқәа  рымшала, Америкеи уи адгылаҩцәеи апартниорцәеи Урыстәыла асанкциа ҿыцқәа азышьақәдыргылоит.  Арҭ асанкциақәа, аполитикатә ма аекономикатә ганахьала    Украина аҵакырадгьыл астатус аҧсахра  иацхраауа афизикатәи аиуристтә хаҿқәа ирыдкьыслоит.

«Конгресс аҿы Украина ацхрааразы иҵегьы 12 миллиард адоллар алхра иазку азакәан  адкылара сахыццакуеит», — иануп Америка ахада иҳәамҭаҿы.

Баиден  жәларбжьаратәи аиҩызара алахәылаәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәыла азакәандаратә аҽазкрақәа мап рыцәкны, аукраин жәлар ирыцхраарц.

Иахьа Урыстәыла ахада Владимир Путини асепаратисттә лидерцәеи имыпҵахалоу Херсони, Запорожиеи, Донецки, Лугански Урыстәыла адҵара иазку «аиқәшаҳаҭрақәа» рнапы рыҵарҩит.