Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит
Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит

Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит.

“Нанҳәа 6, асааҭ 20:00-нӡа амч амоуп аԥкрақәак:

Ӷаза асектор 80 км арадиус аҿы инхо атәылауаа рзы:

Иаарту ақәыԥшылараҿ 10-ҩык иреиҳамкәа ауаа реизара ҟалоит, иарку ақәыԥҽылараҿ – 50-ҩык иреиҳамкәа.

Аҵараиурҭақәеи, ахәыҷ баҳчақәеи аԥхынтәи алагерқәеи рҿы аҵаратә процесс аанкылоуп.

Абри еиԥш ашәарҭадара нормақәа амч рымоуп ацентртәи мраҭашәаратәи Негеви араионқәа рҿы. Иарку ақәыԥшылараҿ 100-ҩык реизара ҟалоит.

Бен Гурион ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿ ареисқәа рграфик ԥсахоуп.

Азеиԥш хыҵәахырҭақәа аартуп Ашдоди, Шдероҭи, Бершеви егьырҭ ацентртә ақалақьқәа рҿы.

Ҳшәыҳәоит, ашәарҭадаратә нормақәа шәыхьчарц,”- иануп аҳәамҭа аҿы.

Израильтәи ар имҩаԥнагаз аоперациа аҳәақәа ирҭагӡаны Ӷаза асектор аҿы “Исламтәи аџьиҳад” рдидер дыршьит, иларҵәаз адыррақәа рыла, иршьит 10-ҩык аибашьцәа. Ӷаза асектор изхылаԥшуа “Ҳамас” аинформациала, иҭахаз дреиуоуп 5 шықәса зхыҵуа ахәыҷы, ахәрақәа роуит 55-ҩык. Иаҭакны, арадикалтә ҵысра »Исламтәи џьиҳад” Ӷаза асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала 100 ракетак рышьҭит. Агәыԥ апресспикер иажәақәа рыла, аракетақәа Израиль агәҭанытәи аладатәи араионқәа рхырхарҭала ишьҭын. Израильтәи аихқәа ишаарыцҳаз, атәыла аганахьала ишьҭыз ракетақәак иаарту ақәыԥшылараҿ каҳаит, егьырҭ аҳауаҭархагатә “Аихатә саԥар” ықәнахит. Израиль араионқәа рҿы ашәарҭарабжьы гон.