Израиль иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 1200ҩык рҟнынӡа, Ҕаза асектораҿ иҭахеит 900ҩык иреиҳаны
ҲАМАС Израиль ианажәыла ашьҭахь ҧшьымш анҵы, Израиль иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 1200ҩык рҟнынӡа. ВВС ари аинформациа аланарҵәеит Израиль Ауаажәларратә дырраҭара аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.
АИХ адыррала, иҭахаз реиҳара аҭынчуаа роуп.
Палестина Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, Ҕаза асектораҿ иҭахеит 900ҩык иреиҳаны, 4600ҩык раҟара ахәрақәа роуит.