Исламтәи аҿагылара ирактәи амчқәа Сириа мрагыларатә ахәҭаҿы америкатә база иалахысит
Исламтәи аҿагылара ирактәи амчқәа Сириа мрагыларатә ахәҭаҿы америкатә база иалахысит

Исламтәи аҿагылара ирактәи амчқәа Сириа мрагыларатә ахәҭаҿы америкатә база иалахысит. Иҟоу адыррақәа рыла, америкатә база аракетақәа аларыжьит.

Араҧтәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, сириатәи араион Ҳасака иҟоу америкатә базагьы иалахысит, ари ажәыларагьы Ирак аҵакырадгьыл аҟынтә имҩаҧган.

Ҕаза асектораҿ изральтәи арратә операциа ианалага ашьҭахь  Сириеи Ираки иҟоу америкатә арратә базақәа рықәлара афактқәа рацәахеит.