Амедиа адыррала,  Иран изыдгыло, Ираҟ иҟоу арратә гәыҧ аанацҳаит мрагыларатә Сириа игылоу америкатә ҩ-базак ишыржәылаз
Амедиа адыррала,  Иран изыдгыло, Ираҟ иҟоу арратә гәыҧ аанацҳаит мрагыларатә Сириа игылоу америкатә ҩ-базак ишыржәылаз

Амедиа адыррала,  Иран изыдгыло, Ираҟ иҟоу арратә гәыҧ аанацҳаит мрагыларатә Сириа игылоу америкатә ҩ-базак ишыржәылаз. Ари аинформациа аланарҵәеит израильтәи амедиа.

Аҭыжьымҭа адыррала, уи ҽнакала аҧшьбатәи ажәыларан.

Аррагә гәыҧ иаланарҵәаз аҳәамҭала, Деир аль Зур апровинциаҿы, Аль Омар анефҭхыҵхырҭа иазааигәаны,  Аль Шадид аҩадатәи ахәҭаҿы игылоу америкатә арратә базақәа рзы ажәылара мҩаҧган аҧырҩыдатә аҧырратә аппаратқәа рыла.

Америкатә аган ари ажәылара иадҳәаланы макьана акгьы рымҳәацт.