Иран апрокурор хада иҳәамҭала, апротестанцәа зегьы, амал аҧхасҭатәреи ашәарҭадара аилагареи аҿы ирыцхраауаз ауааҧсырагьы,  ашьра рықәырҵоит
Иран апрокурор хада иҳәамҭала, апротестанцәа зегьы, амал аҧхасҭатәреи ашәарҭадара аилагареи аҿы ирыцхраауаз ауааҧсырагьы,  ашьра рықәырҵоит

Иран апрокурор хада иҳәамҭала, апротестанцәа зегьы, амал аҧхасҭатәреи ашәарҭадара аилагареи аҿы ирыцхраауаз ауааҧсырагьы,  ашьра рықәырҵоит. Ари атәы аанацҳаит  Sky News.

Моҳаммед Моваҳед Азади ишиҳәаз ала, апротестанцәа зегьы   «Анцәа иҕацәа» раҳасабала рус рыӡбоит.

Иара иҳәамҭала, апрокурорцәа  «агәрыцҳашьара ма ачҳара» аадырҧшыр ҟалом.