Иракли Кобахиӡе  -  Иахьа уажәраанӡа атәыла ахада евроинтеграциа апроцесс даҧырхаган, уи фактуп
Иракли Кобахиӡе  -  Иахьа уажәраанӡа атәыла ахада евроинтеграциа апроцесс даҧырхаган, уи фактуп

Иахьа уажәраанӡа атәыла ахада евроинтеграциа апроцесс даҧырхаган, уи фактуп, — иҳәеит анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахидзе Қырҭтәыла Актәи анакал адырраҭара аефир аҿы аиҳабыра евроинтеграциа апроцесс аҿы атәыла ахада илықгәыҕуама ҳәа ианиазҵаа.

«Атәыла ахада Бруссельынтә дхынҳәны, Шарль Мишель ак сеиҳәеит, аха аҭак сизимҭеит ҳәа анылҳәо, уи алагьы иубарҭоуп атәыла ахада лакәымкәа аиҳабыра шракәу авизитқәа рымҩаҧгара зыхәҭоу. Аиҳабыра авизитқәа анымҩаҧырго, дара атәылеи аиҳабыреи рпозициа ахьчара иазыхиоуп. Ишыҟазаалакгьы, аӡәы аиҳабыреи, апарламенти, анапхгаратә гәыҧи русура акритика аназиуа, аиҳабыра рпозициа ахьчара иазҿлымҳауп, атәыла ахада абри аҩыза азҿлымҳара лымам.

Убри аҟынтә, атәыла ахада Шарль Мишель диҧылеит, аха, атәыла апозициа лзымхьчеит. Нас, абрифинг мҩаҧылган, жәа-зҵаарак ирызкны аилыркаарақәа ҟалеит, аха, илҳәаз зегьы ииашам. Реалра иуҳәозар, лара атәылаҿы адемократиа аганахьала аҭагылазаашьа еицәахеит ҳәа лҳәеит. Атәыла ахада лхаҭа атәылаҿы адемократиатә процессқәа шымҩаҧысуа агәра лымгозар, визитла Бриуссельҟа данцо, атәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы апродуктивтә роль налыгӡар лылшома?!», — иҳәеит  Кобахиӡе.