Иракли Ҕарибашвилии Чехиатәи ареспублика ахада Петр Павели уажәтәи аусеицура иаҳа арҕәҕәаразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит 
Иракли Ҕарибашвилии Чехиатәи ареспублика ахада Петр Павели уажәтәи аусеицура иаҳа арҕәҕәаразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспублика ахада Петр Павел диҧылеит.

Ниу-Иорк имҩаҧгаз аиҧылараҿы  еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак русеицура иаҳа арҭбааразы иҟоу апераспективақәа ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Чехиа еснагь Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикатә приоритетқәа ирыдгылан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-ганктәи авизитқәа иаҳа ирацәахеит, уи алагьы иубарҭоуп атәылақәа рыбжьара иҳараку аҩаӡараҟны аполитикатә диалог шымҩаҧысуа.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Чехиатәи ареспублика аҟынтә аполитикатәи апрактикатәи адгылара Қырҭтәыла иацхраауеит Евроеидгылашҟа аинтеграциа анеҩстәи аетапаан.

Аҧыза-министр Чехиатәи ареспублика ахада инарҭбаау аинформациа иҭеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз аусуреи 12 абжьагарақәа рынагӡара адинамикеи иазкны.  Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп, уи атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара иацхраауеит.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвилии Петр Павели адунеиаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Чехиатәи ареспублика ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.