Иракли Ҕарибашвили Звиад Гамсахәырдиа ҳаҭырла дигәалаиршәеит
Иракли Ҕарибашвили Звиад Гамсахәырдиа ҳаҭырла дигәалаиршәеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министри Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи Қырҭтәыла раҧхьатәи ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Иракли Ҕарибашвилии Шьалуа Папуашвилии Мҭаҵминдатәи апантеон аҿы Звиад Гамсахәырдиа инышәанҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Қырҭтәыла раҧхьатәи ахада Звиад Гамсахурдиа, иҧсы ҭазҭгьы, иахьа 84 шықәса ихыҵуан.