Иракли Ҕарибашвили Жозеф Боррель диԥылеит
Иракли Ҕарибашвили Жозеф Боррель диԥылеит

Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иаиуз аперспективеи астатус аиуразы иҟаҵоу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррели реиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа еиҧылеит Бриуссель, Ассоциациа ахеилак аилатәараҿы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, рашәарамзазы атәыла иаиуз европатәи аперспектива Қырҭәтыла гәызҭаҵагас иазыҟалеит, аха, аамҭакала, уи аҭакҧхықәра ду ацуп.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, уажәазы Қырҭтәыла иҟоу аполиаризациа атәылазы крызҵазкәа проблемоуп, ари азҵаар аҭыҧ иқәҵатәуп. Убри аҟынтә, аиҳабыра, уажтәи аполитикатә лагылазаара аиҕьтәразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит. Аха, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аоппозициатә партиақәагьы, хымҧада, ари апроцесс иалахәызароуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы аҭагылазаашьеи Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр иҳәамҭала, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылазаауеит ҳәа дгәыҕуеит, уажәы, Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵамра аполитика зеиҧшҟамлац ала идуу ашәарҭара ианҭагыло, ари ахырхарҭала европатәи апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп.