Иракли Ҕарибашвили – Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд саҭабууп Қырҭтәыла аструктуратәи, афинанстәи, аекономикатәи реформқәа рымҩаҧгара ацхрааразы
Иракли Ҕарибашвили – Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд саҭабууп Қырҭтәыла аструктуратәи, афинанстәи, аекономикатәи реформқәа рымҩаҧгара ацхрааразы

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили амикроблог  «Твиттер» аҿы, Жәларбжьратәи авалиутатә фонд адиректор-ахылаҧшҩы  Кристалина Георгиевеи иареи реиҧылара дахцәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла аструктуратәи, афинанстәи, аекономикатәи реформқәа рымҩаҧгара ацхрааразы. Иара ишазгәеиҭаз ала, ареформақәа хықәкыс ирымоуп  Қырҭтәыла арегионалтә центрс ашьақәыргылареи Евроеидгылашҟа атәыла алалареи.

«Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор-ахылаҧшҩы  Кристалина Георгиевеи сареи зырҳагара злоу аиҧылара мҩаҧаагеит. Ҳаҩхьаҟа ҳпартниорра ҳалацәажәеит.

Сара Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд саҭабууп Қырҭтәыла аструктуратәи, афинанстәи, аекономикатәи реформқәа рымҩаҧгара ацхрааразы», — иазгәеиҭеит аҧыза-министр.