Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит

НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесси ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломинеи реиҧылараҿы. 

Иаҵшьны иазгәаҭан Алианс алалара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресс, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿы қәҿиарала имҩаҧысуа ареформақәа ирзааҭгылеит. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара аус аҿы НАТО инанагӡо ароль ду. Хшыҩзышьҭра азун Мадрид имҩаҧысраны иҟоу асаммит. 

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу апроблемақәеи агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьеи иалацәажәеит. Хавиер Коломина ишьақәирҕәҕәеит Алианс Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.