Иракли Ҕарибашвили Tata Power анагӡаратә директор  диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Tata Power анагӡаратә директор  диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Tata Power анагӡаратә директор Правир Сина диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аенергосектор аҿы имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу аинвестициа дуқәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, аилахәыра  ,,Аҷараҵҟали Џьорџьиа’’  Tata Power-и, норвегиатәи аилахәыра  Clean Energy Invest-и иртәуп, уи Қырҭтәыла аенергосектор аҿы идуӡӡоу инвесторуп. Зыӡбахәы ҳәоу аилахәара  187 мегаватт амч змоу Шуахьеви аӡфымцатә станциақәа ркаскад аргылара иаланаҵеит  550 миллион адоллар.

„ШуахьевиГес“, инақәыршәаны, 5%-ла азнарҳауеит атәыла аҩныҵҟа афымца ааглыхра, атәыла аенергошәарҭадара арҕәҕәоит, атәлыа аенергохьыҧшымра аиқәыршәара иацхраауеит. Апроект аҧара азоурышьҭит идуӡӡоу афинанстә 3 институтк: Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки (EBRD), Азиатәи Аҿиара абанки (ADB),  Адунеи абанк агәыҧ иалахәы, Жәларбжьаратәи афинанстә корпорациа IFC-и.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аенергетика аусхкы аҿы имҩаҧгоу апроект дуқәа атәыла аенергошәарҭадареи аенергохьыҧшымреи еиқәдыршәоит, уи аекономикатә аҿиареи аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵареи иацхраауеит.

 „Шуахьеви Гес“ аргылараан уаҟа аус руан 1000ҩык инареиҳаны, урҭ реиҳара аҭыҧантәи ауааҧсыра ракәын, аӡфымцатә станциа аусура ианалага, уаҟа аусурҭа роуит  100ҩык.

Tata Group – адунеи идуӡӡоу аилахәырақәа иреиуп, уи адунеи ф-континентк рҿы,  100 ҳәынҭқарра рҿы аус ауеит,  935 000ҩык аусзуҩцәа амоуп. Tata Group иаҵанакәа идуӡӡоу еилахәыроуп  Tata Power.