Иракли Ҕарибашвили  Словакиа ацҳаражәҳәаҩ  иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит
Иракли Ҕарибашвили  Словакиа ацҳаражәҳәаҩ  иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Павел Виздал иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәылеи Словакиатәи ареспубликеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу акрызҵазкәа апрогресс, ари аганахьала иалкаан аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи хырхарҭақәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа  атәылазы зҵакы дуу адгыларатә проектқәа ирылацәажәеит, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан словакиатәи ацхыраара агәабзиарахьчара асектор азы  иамоу аҵакы ду.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ аҧыза-министр изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс дшадгыло.

Иракли Ҕарибашвили Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәаразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.