Иракли Ҕарибашвили Швециа аҳра ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит 
Иракли Ҕарибашвили Швециа аҳра ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециа аҳра ацҳаражәҳәаҩ Улрик Ҭидестром иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит.

Аиҳабыра радминистарциаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Швециа аҳреи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун атәыла аҿиара апроцессаҿ еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Швециантә атәыла иаиуз ацхыраара. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Швециатәи аҳра Қырҭтәылазы  идуӡӡоу жәларбжьаратәи адонорцәа иреиуп, ари атәыла алагала ду ҟанаҵеит Қырҭтәыла адемократиатәи аинституциатәи модернизациеи асоциал-економикатә аҿиареи аҿы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциеи ари апроцессаҿ Швециантә атәыла иамоу адгылареи иазааҭгылеит, ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла ахеилак аҿы Швециа ахантәаҩраан ари адгылара аҵакы чыда амоуп.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла иҟоу апрогресси 12 абжьагарақәа рынагӡара адинамика бзиеи. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Евроеидгыла алалара ақырҭуа жәлар ргәазыҳәароуп, атәыла акандидат астатус аиура иазыҧшуп.

Иракли Ҕарибашвили Улрик Ҭидестром ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла евроинтеграциа апроцесси, европатәи ареформақәа русхәаҧштәи адгылара азыҳәан, анеҩс,  наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.