Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Европаҟа зхы рхоу Қырҭтәыла аҽазышәарақәа зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу, ҳтәыла европатәи аҧеиҧш адгыларазы ҭабуп ҳәа иасҳәеит
Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Европаҟа зхы рхоу Қырҭтәыла аҽазышәарақәа зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу, ҳтәыла европатәи аҧеиҧш адгыларазы ҭабуп ҳәа иасҳәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Шарль Мишели иареи реиҧылараҿы Европаҟа зхы рхоу Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили  Twitter аҿы ишиҩыз ала, иара Шарль Мишель ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш адгыларазы.

«Европатәи ахеилак ахада иҧылара сеигәырҕьеит. Ҳаиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҳҭеит  Европаҟа зхы рхоу Қырҭтәыла аҽазышәарақәа зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу. Сынтәа Европатәи ахеилак даҽа аҭоурыхтә аӡбарак аднакыланы, Қырҭтәыла акандидат астатус арҭап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара ахада Мишель ҳиаҭабууп Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш адгыларазы», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.