Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахадеи иареи реиҧылара дахцәажәеит Twitter аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аиҧылараҿы  Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси иалацәажәеит.

«ЕАР 28-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, сара Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель иҟны ихырҳагоу аиҧылара мҩаҧызгеит.  Ҳара аклимат аҽаҧсахра аҿагылареи, Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи, евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит.  Сара Шарль Мишель адгыларазы сиаҭабууп, ҧхынҷкәын азы ҳтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара сахыццакуеит», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.