Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аиҳабыра алахәылацәа  аекономикатә усеицура азҵаарақәа рзы драцәажәеит 
Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аиҳабыра алахәылацәа  аекономикатә усеицура азҵаарақәа рзы драцәажәеит 

Ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә усеицура аҿиара иадҳәалоу аконкреттә зҵаарақәа ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Саудтәи Аравиа аҳра аинвестициақәа рзы аминистр Халид Алфаили аекономикеи апланшьҭыхреи азҵаарақәа рзы аминистр Фаисал Фадил Аль-Ибраҳими реиҧылараҿы.

Ишазгәаҭаз ала, ҵыҧх Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиаҿ ивизит қәҿиарала имҩаҧысит. Саудтәи Аравиа аҳра аиҳабыра алахәылацәа ишырҳәаз ала, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Саудтәи Аравиа аҳ иҭыҧ ашьҭрамҭаҩ, аҧыза-министр, аҳратә иаҳаракыра, апринц Моҳамед бин Салман бин Абдулазиз Аль-Сауди реиҧылара ашьҭахь, дара Қырҭтәыла аинвестициақәа алаҵара азҵаара ҷыдала иазҿлымҳахеит. Дара ражәақәа рыла, аекономикатә ганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоу апрогресс абзоурала, Қырҭтәыла, Саудтәи Аравиа аҳразы, аинвестициатә ганахьала уадзыҧхьало тәылас иҟалеит.

Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла даараӡа зҵакы дуу агеостратегиатә ҭыҧ амоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа сынтәа Қарҭ ҩ-тәылак рбизнесфорум амҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Иара убас, ишырҳәаз ала, Саудтәи Аравиа аҳра аенергетикеи, аекономикеи, аинвестициақәеи рзы аминистррақәа русзуҩцәа рыла акомиссиа ҷыда еиҿыркаауеит,  уи алахәылацәа еиуеиҧым ахырхарҭақәа рыла Қырҭтәыла аинвестициатә алшарақәа ҭырҵаауеит.