Иракли Ҕарибашвили – Сара ауаа сырҭынчыр сҭахуп, ажь кьылакгьы ахархәарада иаанхом
«Сара ауаа сырҭынчыр сҭахуп, ажь кьылакгьы ахархәарада иаанхом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Ҕарибашвили иҳәамҭала, аҳәынҭқарра ажь аанахәоит 90 ҭеҭри ҳәа.
«Ҳара мчыбжьқәак раҧхьа ҳаизаны, иҳҳәеит асубсидиа шынаҳагӡо, усҟангьы иҳҳәеит аҳәынҭқарра аҧхасҭа зауз ажь 90 ҭеҭри ҳәа ишаанахәо. Мышқәак раҧхьа Кахеҭи акырц ду леит, аӡахәаҭрақәа аҧхасҭа ду роуит, ауаа ажь аҭиразы рҽазыҟарҵон, аха, рыцҳарас иҟалаз, акырц леит. Аха, уезгьы, акыр иаҧсоу ҳуааҧсыра сырҭынчыр сҭахуп, аҧхасҭа зауз аума, абжьааҧнытәи аума, кьылакгьы ажь ахархәарада иаанхом. Аҳәынҭқарра ажь аанахәоит 90 ҭеҭри ҳәа», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.